Иерусалим, Неҭаниаҳу ирезиденциа аԥхьа еизаз адемонстрантцәа реимырпразы алаӷырӡаагага агаз рхы иадырхәит
Иерусалим, Неҭаниаҳу ирезиденциа аԥхьа еизаз адемонстрантцәа реимырпразы алаӷырӡаагага агаз рхы иадырхәит

Иерусалим, Израиль аԥыза-министр Бениамин Неҭаниаҳу ирезиденциа аԥхьа еизаз адемонстрантцәа реимырпразы аполициа хаҭарнакцәа алаӷырӡаагага агаз рхы иадырхәит. Ари атәы аарыцҳаит израильтәи аихқәа.

Акциаҿ аидысларақәак ҟалеит, аха аӡә даанкылоуп ҳәа адыррақәа иҟам.

Израиль Атәылахьчара аминистр имхра ашьҭахь  атәыла еиуеиԥшым ақалақьқәа рҿы зымҽхак ҭбаау акциақәа иалагеит.

Израильтәи аполициа аҳәамҭа ала, аҿагыларатә акциақәа адемокартиа рышьаҭоуп, аха ауаажәларратә аиҿкаара аилагара, аҳәынҭйарратә символқәа, аинфраструктуреи аполициа хаҭарнакцәеи рԥырхагахара ҟалом.

Израильтәи ауниверситетқәа аҿбарҭа ареформа иазкны хәажәкыра 27 инаркны азабастовка иалагоит. Израиль Амилаҭтә шәарҭадаратә министр Итамир Бен Гвир аҭагылазаашьа агәаҭаразы Иерусалим, аполициа аштабуадахь ддәықәлеит.