Иерусалим иҟалаз ахысраан иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара шьҭыҵит хҩык рҟынӡа
Иерусалим иҟалаз ахысраан иҭахаз ауаа рхыҧхьаӡара шьҭыҵит хҩык рҟынӡа. Зықәра неихьаз хҩык атәылауаа ахәышәтәырҭашҟа ианнарга иҧсит, аҧҳәыс қәыҧш аҭыҧаҿыҵәҟьа дыҧсит.
Иерусалим ахада ишиҳәаз ала, ақалақьаҿ ашәарҭадаратә ҭагылазаашьақәа ирҕәҕәоуп. Атәыла анапхгара ари афакт атерракт аквалификациа арҭеит.
Бџьарла еибыҭаз ҩыџьа ауааҧсыра Иерусалим аҭаларҭаҿ, аангыларҭаҿ игылаз ауаа иреихсит. Аполициа аусзуҩцәа ақәлаҩцәа уааҵәҟьа иршьит. Израильтәи ашәарҭадаратә маҵзура адыррала, ақәлара мҩаҧыргеит ҲАМАС иалоу ҩыџьа палестинатәи аишьцәа, дара уаанӡагьы атеррористтә усуразы абахҭа иҭакын.
Аинцидент ахьыҟалаз аҭыҧашҟа инеиз Израиль амилаҭтә шәарҭадара аминистр ишиҳәаз ала, Израиль атерроризм азы аҭак ҟанаҵароуп арратә ақәыҕәҕәарала. Иара иажәақәа рыла, Израиль атәылауаа абџьар рыҭатәуп.