Амца ԥшьа агылара Қьырсa ибзaхaрa aныхaбaa aҿы

Қьырсa ибзaхaрa aныхaбaa aҿы  Амца ԥшьа агылара азгәарҭеит.

Атрадициа инақәыршәаны, аныхабаа аҟынтә амца дәылигеит Иерусалим апатриарх.

Апандемиа иахҟьаны сынтәагьы аҭыԥ аҿы ԥкрақәак шьақәгылан.

Иерусалимтә апатриархиа аӡбарала, амца ԥшьа аҟәырҷаха агара зҭаху ауааԥсыра, аныхабаа агәашә ахь шьыжьымҭан, асааҭ жәба рзы инеир акәын. Уантә акоронавирус азы алаҵа ззыҟаҵоу ауааԥсыра Қьырсa ибзaхaрa aныхaбaa  ашҟа инарышьҭуан.

Асабша дуӡӡа имҩаҧырго аныҳәараҿы, ақьырсиантә мшаҧы алагамҭазы, Иерусалимтәи Анцәа идамра аҟынтәи иҭырго, иҧшьоу амца алҧха ацуп ҳәа иҧхьаӡоуп. Ақьырсианцәа Ажәытә  Иерусалим Анцәа идамра алашара аҭыҵра Иаса Қьырса данҧсы ашьҭахь ибзахара иасимволны ирыҧхьаӡоит. Қьырсa идaмрa IV aшәышықәсaзы aҳкәaжә Еленa илыргылaз aныхaбaa aҿы aуп aхьыҟоу.