Иерусалим автобус ҩааҭгыларак рҿы аԥжәарақәа ҟалеит, ҩыџьа ҭахеит, 14-ҩык аахақәа роуит
Иерусалим автобус ҩааҭгыларак рҿы аԥжәарақәа ҟалеит, ҩыџьа ҭахеит, 14-ҩык аахақәа роуит

Иерусалим автобус ҩааҭгыларак рҿы аԥжәарақәа ҟалеит, ҩыџьа ҭахеит, 14-ҩык аахақәа роуит. Ари атәы аанацҳаит ВВС.

Актәи аԥжәара Иерусалим ааигәара иҟаз автобус ааҭгылараҿ ҟалеит. Уа аахақәа роуит 11-ҩык. Урҭ рҟынтә аӡәы ахәышәтәырҭаҿ иԥсҭазаара далҵит.

Аҩбатәи аԥжәара ақалақь даҽа хәҭак аҿы ҟалеит. Ахәрақәа роуит хҩык атәылауаа.

Иерусалимтәи аполициа аҟынтә ишаарыцҳаз, аԥжәарақәа палестинаа ирхароуп.