Анкара апарламенти Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи рхыбрақәа рааигәара аԥжәарақәа ҟалеит
Анкара апарламенти Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи рхыбрақәа рааигәара аԥжәарақәа ҟалеит

Ҭырқәтәыла аҳҭнықалақь Анкара апарламенти Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи рхыбрақәа рааигәара аԥжәарақәа ҟалеит.

Иҟоу адыррақәа рыла, аҽшьҩы-атеррористцәа рыҽԥыржәеит.

Ҭырқәтәылатәи аихқәа рдыррақәа рыла, атәыла Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ашәарҭадара адиректорат хада аҩналарҭаҿ аҽшьҩы террорист aҧжәaгa зҵaз aмaшьынaҿ иҽҧижәеит.

Ҭырқәтәылатәи аихқәа рдыррақәа рыла,ашәарҭадаратә мчқәа рхаҭарнакцәа егьырҭ атерористҵәа рышьра ирылшеит.

Ажәылараан ахәрақәа роуит аполициа ҩыџьа ахаҭарнакцәа.