Анкараҿ амассатә аизарақәа рымҩаԥгара мшаԥы 1-нӡа ҟалом
Анкараҿ амассатә аизарақәа рымҩаԥгара мшаԥы 1-нӡа ҟалом

Анкара агубернатор иадминистрациа аӡбамҭала, аҳҭнықалақь аҿы амассатә аизарақәа рымҩаԥгара хәажәкыра 26 инаркны мшаԥы 1-нӡа ҟалом.

“Амассатәи аизарақәа, адемонстарциақәа, аныҟәарақәа, аихқәа рзы аҳәамҭақәа рыҟаҵара, азабастовкақәа, анапаҵҩрақәа, афлаерқәа рларарҵәара, абанерқәа ркыдҵара хәажәкыра 26, асааҭ 00:00 инаркны, мшаԥы 1,асааҭ 23:59-нӡа ҟалом”, – иануп агубернатор иҟаиҵаз аҳәамҭаҿы.