Иенс Столтенберг - Зегь рыла иубарҭоуп Урыстәыла Украина азы зымҽхак ҭбаау ажәылара амҩаԥара шаҭаху
Зегь рыла иубарҭоуп Урыстәыла Украинаҿ зымҽхак ҭбаау ажәылара амҩаԥара шаҭаху, – ихәеит Нато амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг германтәылатәи аих ирииҭаз аинтервиу аҿы.
Столтенберг иажәақәа рыла, Москва Украина аҳәаантә арбџьармчқәа ралгара агәы иҭам, урҭ рхыԥхьаӡара есымша иазҳауеит, Урыстәыла ажәыларазы амзыз аԥшаара иаҿуп.
Амаӡаныҟәгаҩ хада ишазгәеиҭаз, Нато аполитикатә алҵшәа адгылоит.
“Урыстәыла акурс аԥсыхр, аилацәажәара еицымҩаԥаагар ҳҭахуп,” – иазгәеиҭеит Столтенберг.