Иенс Столтенберг – Уи парадоксзаргьы ҟалап, аха,  Украина арратә цхыраара аҭара  - аҭынчранӡа ҳназгаша икьаҿӡоу мҩоуп
Иенс Столтенберг – Уи парадоксзаргьы ҟалап, аха,  Украина арратә цхыраара аҭара  - аҭынчранӡа ҳназгаша икьаҿӡоу мҩоуп

НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг игәаанагарала, Украина бџьарла аиқәыршәара —  аҭынчра ашьақәыргыларазы икьаҿӡоу мҩоуп.  Украинатәи АИХ адыррақәа рыла, Столтенберг ари аҳәамҭа ҟаиҵеит агентра  DPA иаиҭаз аинтервиу аҿы.

Иара Германтәылеи Алианс  иалоу егьырҭ атәылақәеи рахь ааҧхьара ҟаиҵеит   Украина абџьар арҭарц.

«Уи парадоксзаргьы ҟалап, аха,  Украина арратә цхыраара аҭара  – аҭынчранӡа ҳназгаша икьаҿӡоу мҩоуп», — иҳәеит  Столтенберг.

Иара ишиҳәаз ала, Урыстәыла ахада Владимир Путин агәра ганы дыҟазароуп ихықәкы шынамгӡахо, Украина ампыҵахалара шилымшо. Столтенберг игәаанагарала, убри ашьҭахь ауп аиҿцәажәарақәа рымҩаҧгареи аҭынчра ашьақәыргылареи азы алшара аныҟало, Украина ихьыҧшым адемократиатә ҳәынҭқаррас аҟазаара аналшо.

«Алианс алахәылацәа зегьы рахь ааҧхьара ҟасҵоит Украина иаҳа иацхраарц. Украина аиааиреи  Путин иаҵархареи ҳара ҳшәарҭадарагьы еиқәнаршәоит», — иҳәеит НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада.