Иенс Столтенберг – Қырҭтәыла иаҳа адгылареи ҳпартниорра арҕәҕәареи азы аус аауеит
«Қырҭтәыла иаҳа адгылареи ҳпартниорра арҕәҕәареи азы аус аауеит», — иҳәеит НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг.
Иара иажәақәа рыла, Қырҭтәыла атәылахьчара аминистри иареи аконструктивтә аиҧылара бзиа мҩаҧыргеит.
«Иацы Қырҭтәыла атәылахьчара аминистр сиҧылеит. Иара иацтәи ахәылҧазтәи аиҧыларагьы далахәын. Хаҭала сареи Алианс алахәылацәеи ишьақәҳарҕәҕәеит урыстәылатәи агрессиа ашәарҭара иҭагыло ҳадгылаҩцәа иаҳа аполитикатәи апрактикатәи цхыраара шрыҭатәу. Ҳәарада, Қырҭтәылагьы урҭ иреиуп, избанзар 2008 шықәсазы Урыстәыла ари атәылагьы иажәылеит.
Убри аҟынтә, уажәы Қырҭтәыла иаҳа адгылареи ҳпартниорра арҕәҕәареи азы аус аауеит. Ҳара аконструктивтә аиҧылара бзиа мҩаҧаагеит. Аҵыхәтәантәи аӡбара асаммит иахьыҧшуп. Агәра ганы сыҟоуп ҳлидерцәа анеизалак Қырҭтәыла иадҳәаланы Бухаресттәи асаммит аҿы ирыдыркылаз аӡбареи иаарту ашә аполитикеи шышьақәдырҕәҕәо», — иҳәеит Иенс Столтенберг.