Иенс Столтенберг – НАТО асаммит аҿы иаҵшьны иазгәаҳҭоит Урыстәыла аган аҟынтә ашәарҭара иҭагылар зылшо Қырҭтәылеи егьырҭ ҳадгылаҩцәеи иаҳа иҕәҕәаны ҳашрыцхраауа
Иенс Столтенберг – НАТО асаммит аҿы иаҵшьны иазгәаҳҭоит Урыстәыла аган аҟынтә ашәарҭара иҭагылар зылшо Қырҭтәылеи егьырҭ ҳадгылаҩцәеи иаҳа иҕәҕәаны ҳашрыцхраауа

«Алианс апартниор тәылазы, Украиназы Урыстәыла имҩаҧнагаз  ажәылара аҟынтә аҧышәа ду ҳауит, иаамҭаны ацхыраара ҵакыс иамоу еилаҳкааит. НАТО  2014 шықәса инаркны еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла Украина иацхраауеит, аха, уажәы, Урыстәыла аган аҟынтә ашәарҭара иҭагылар зылшо егьырҭ ҳпартниорцәа иаҳа ҳрыцхраароуп», — иҳәеит НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг Қырҭтәыла ацхраара азҵаара даналацәажәоз.

Столтенберг иажәақәа рыла, имҩаҧысраны иҟоу НАТО асаммит аҿы апартниорцәа рзы аполитикатәи апрактикатәи цхыраара аизырҳара иазку аӡбара рыдыркылап ҳәа дгәыҕуеит.

«Алианс апартниор тәылазы, аиҩызарала иаҳзыҟоу атәылазы,   Украиназы Урыстәыла имҩаҧнагаз  ажәылара аҟынтә аҧышәа ду ҳауит, иаамҭаны ацхыраара ҵакыс иамоу еилаҳкааит. НАТО  2014 шықәса инаркны еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла Украина иацхраауеит, аха, уажәы, Урыстәыла аган аҟынтә ашәарҭара иҭагылар зылшо егьырҭ ҳпартниорцәа иаҳа ҳрыцхраароуп.

Рхатә алшарақәеи аҭышәынтәалареи аиҕьтәраҿы ҳрыцхраауеит. Қырҭтәыла ҳацхраар ҳалшоит НАТО-Қырҭтәылатәи апакет аҳәаақәа ирҭагӡаны. Қарҭ иазаигәаны НАТО ацентр ҳамоуп. Ари ахырхарҭала иаҳа ирацәаны иҟаҳҵар ҳалшоит. Акибер-алшарақәа реизырҳараҿы ҳрыцхраар ҳалшоит,  НАТО аофис азы иаҳа ирацәаны аусзуҩцәа дәықәаҳҵар ҳалшоит. Убри аҟынтә,  НАТО асаммит аҿы иаҵшьны иазгәаҳҭоит  Урыстәыла аган аҟынтә ашәарҭара иҭагылар зылшо Қырҭтәылеи егьырҭ ҳадгылаҩцәеи иаҳа иҕәҕәаны ҳашрыцхраауа», — иҳәеит Иенс Столтенберг.