Иенс Столтенберг -  НАТО алахәылацәа Урыстәыла иаҿагыланы зеиҧшҟамлац асанкциақәа шьақәдыргылоит, аамҭакала, ҳара аимак ҳалахәым, Урыстәыла абашьра ҳҭахым  
Иенс Столтенберг -  НАТО алахәылацәа Урыстәыла иаҿагыланы зеиҧшҟамлац асанкциақәа шьақәдыргылоит, аамҭакала, ҳара аимак ҳалахәым, Урыстәыла абашьра ҳҭахым  

«Ҳара аҭынчуааи атомтә станциеи ржәылара ҳақәыӡбоит. Уи алагьы иубарҭоуп ари аибашьра ирласӡаны ишхыркәшатәу. Урыстәла ахатә бџьармчқәа алганы,  адипломатиатә мҩа ианылароуп», — иҳәеит НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг НАТО аминистериал иалагаанӡа.

«НАТО алахәылацәа Урыстәыла иаҿагыланы зеиҧшҟамлац асанкциақәа шьақәдыргылоит,  ҳара Украина ҳадгылоит, аха,  аамҭакала,  аимак ҳалахәым,  НАТО ахыхьчаратә алиансуп. Урыстәыла абашьра ҳҭахым. Аха, ҳадгылаҩцәа рыхьчара иаҳуалуп, убри аҟынтә, аблок мрагыларатә ахәҭаҿы НАТО амчқәа ацаҳҵоит. Уи ахыхьчаратә шьаҿоуп. Сара иацҵаны арбџьармчқәа рдәықәҵара иазку Америка аҽазышәара садгылоит. Иара убас, алианс мрагыларатә ахәҭаҿы Евроеидгылеи Канадеи рыҟазаара сақәшаҳаҭуп», — иҳәеит Столтенберг.