Иенс Столтенберг - Китаи аҕас иҳаҧхьаӡом, аха, арратә алшарақәа рҿы китаитәи аинвестициақәеи НАТО ахадаратә принципқәа реилагареи НАТО азы аҵакы ду рымоуп
Иенс Столтенберг - Китаи аҕас иҳаҧхьаӡом, аха, арратә алшарақәа рҿы китаитәи аинвестициақәеи НАТО ахадаратә принципқәа реилагареи НАТО азы аҵакы ду рымоуп

Ҳәарада, ҳара Китаи аҕас иҳаҧхьаӡом, аха, ҳаамҭазтәи арратә алшарақәа рҿы китаитәи аинвестициақәа дууп, насгьы, Китаи НАТО ахадаратә принципқәа еиланагоит, уи НАТО азы аҵакы ду амоуп, – иҳәеит НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг Давостәи Адунеизегьтәи аекономикатә форум аҿы имҩаҧгаз адискуссиаан.

Иара иажәақәа рыла, Азиа имҩаҧысуа ахҭысқәа Европазы аҵакы ду рымоуп, иара убас, европатәи ахҭысқәагьы Азиазы аҵакы ду рымоуп.

„НАТО арегионалтә алиансуп, аха, атрансатлантикатә регион аглобалтә проблемақәа ирҭагылоуп.  Уажәшьҭа ашәарҭадара азҵаара арегионалтә ҵакы акәӡам иамоу, ашәарҭадара аглобалтә проблемахеит.  Аамҭакала, Азиа имҩаҧысуа ахҭысқәа Европазы аҵакы ду рымоуп, иара убас, европатәи ахҭысқәагьы Азиазы аҵакы ду рымоуп.

Ҳәарада, ҳара Китаи аҕас иҳаҧхьаӡом, аха, ҳаамҭазтәи арратә алшарақәа рҿы китаитәи аинвестициақәа дууп, насгьы, Китаи –  адемократиеи,   азакәан аиҳаӡареи,  агәаанагара аарҧшра ахақәиҭреи уҳәа,  НАТО ахадаратә принципқәа еиланагоит,  абри зегьы  НАТО азы аҵакы ду амоуп“, – иҳәеит Столтенберг.

Иара ишиҳәаз ала,  НАТО Азиаҿ имҩаҧысуа ахҭысқәа ақәҿыҭра рнаҭароуп,  избанзар,  НАТО – аглобалтә шәарҭадара алиансуп.

„Абрааҵәҟьа иазгәасҭар сҭахуп  Азиашҟа НАТО алалара ҳшаламцәажәо. Уи акәӡам аус злоу,  Китаи иаҳа-иаҳа иаҳзааигәахоит,  абри ауп ҳазлацәажәо. Ҳара Африкаҿ Китаи аабоит,  Арктикаҿы Китаи аабоит,  дара акритикатә инфраструктура ахылаҧшра шырҭаху аабоит.  Шықәсқәак раҧхьа ҳара ари азҵааразы адискуссиа ҳаман,  аидгылаҩцәа рацәа ирҳәеит уи  акоммерциатә зҵаароуп ҳәа.  Мап,  ари азҵаара ҳшәарҭадарагьы иадҳәалоуп. Убри аҟынтә,  уаҟа имҩаҧысуа ахҭысқәа зегьы ҳара ҳзы аҵакы ду рымоуп.

Сара Иапониеи Аладатәи Кореиеи визитла сыҟан. Дара НАТО апартниорцәа роуп. Украина имҩаҧысуа ахҭысқәа ргәы ҧыржәоит,  избанзар,  дара ибзианы ирдыруеит Путин Украинаҿ шаҟа ақәҿиарақәа иоуа аҟара Китаи ала амч ахархәара ашәарҭара шазҳауа. Убри аҟынтә,  абри апроблема аглобалтә азнеишьа амазароуп“, – иҳәеит Столтенберг.