Иенс Столтенберг  - Аибашьра амзызла апартниорра иаҳа ихадарахеит, адгылара анагӡаразы Қырҭтәылеи, Украинеи, Молдовеи, Босниа Герцеговинеи рыдәныҟатәи усқәа рминистрцәа
Иенс Столтенберг - Аибашьра амзызла апартниорра иаҳа ихадарахеит, адгылара анагӡаразы Қырҭтәылеи, Украинеи, Молдовеи, Босниа Герцеговинеи рыдәныҟатәи усқәа рминистрцәа

Ҳпартниорцәа ишәарҭамкәа аныҟоу, ҳаргьы иаҳа ҳахьчоуп, – иҳәеит Нато амаҿаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг Бухарест Нато аминистериал аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуа жәларбжьаратәи аконференциаҿ данықәгылоз.

Иенс Столтенберг Украина ицло аибашьра дахцәажәан, иазгәеиҭеит ари аибашьраҿ Урыстәыла аҵахаразы алианс алшо хзегь ҟанаҵароуп ҳәа.

“Путин аиааира агаразы алшара иаҳҭар, шеишықәса рыбжьара иаҳа идуӡӡоу ашәахтә ашәара ҳақәшәоит, избан акәзар Путини авторитартә лидерцәеи агәҭакы анагӡара мчыла ҟалоит ҳәа ргәы иаанагоит. Убри аҟынтә Украина адгылара аҿҳәарарацәатәи ҳшәарҭадара аинтересқәа ирылоуп.

Агерссиа аиааира агар, аҭынчра ашьақәыргылара азалшом. Адемократиеи ахақәиҭреи рабашьраҿ автократиа, арепрессиақәа аиааира ргар, аҭынчра ҟалом. Убри аҟынтә аҭынчра ашьақәыргыларазы, Украина адгылара наҳагӡароуп. Нато Украина ахьынӡаҭаху адгылоит”, – иҳәеит Столтенберг.

Иара убас Нато амаҿаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг Бухарест Нато аминистериал аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуа жәларбжьаратәи аконференциаҿ данықәгылоз ишазгәеиҭаз ала, аибашьра амзызла апартниорра иаҳа ихадарахеит, адгылара анагӡаразы Қырҭтәылеи, Украинеи, Молдовеи, Босниа Герцеговинеи рыдәныҟатәи усқәа рминистрцәа.