Идуӡӡоу индиатә авиаеилахәыра  Дели – Қарҭ ахырхарҭала аҧыррақәа рынагӡара  иалагоит
Идуӡӡоу индиатә авиаеилахәыра  Дели – Қарҭ ахырхарҭала аҧыррақәа рынагӡара  иалагоит

Идуӡӡоу индиатә авиаеилахәыра  Дели – Қарҭ ахырхарҭала аҧыррақәа рынагӡара  иалагоит.

«TAV Georgia» ишаанацҳаз ала, авиаеилахәыра Indigo Қарҭи Делии рыбжьара ишиашоу авиареисқәа рымҩаҧгара иалагоит ҧхынгәы 31 инаркны,  мчыбжьыкахь хынтә.

Иааиуа амчыбжь азы  Indigo анапхгара Қырҭтәылаҟа иааны,   «TAV Georgia» анапхгара ирацәажәоит атехникатә детальқәа ирызкны.

Indigo — идуӡӡоу индиатәи авиаеилахәыроуп,  уажәазы уи  135 хырхарҭақәа рыла ареисқәа мҩаҧнагоит,  урҭ рыбжьара  77 аҩныҵҟатәи,   58 – жәларбжьаратәи.