Иаха Урыстәыла аҧырҩы дызмам аппаратқәа рыла ҕәҕәала Киев иажәылеит
Иаха Урыстәыла аҧырҩы дызмам аппаратқәа рыла ҕәҕәала Киев иажәылеит

Иаха Урыстәыла аҧырҩы дызмам аппаратқәа рыла ҕәҕәала Киев иаахеит. Украина ишырҳәаз ала, иаха, Украина аибашьра иалагеижьҭеи инаркны, зегьы реиҳа иҕәҕәаз ажәылара мҩаҧган. Ақалақь ахада Витали Кличко ишиҳәаз ала, 41 шықәса зхыҵуаз ахаҵа дҭахеит, 35 шықәса зхыҵуа аҧҳәыс ахәрақәа лоуит.

Украина аҳаиртә мчқәа ринформациа инақәыршәаны, иаха Урыстәылантә Киев ахырхарҭала идәықәҵан 54 аҧырҩы дызмам аппаратқәа- камикаӡе, урҭ рҟынтә 52 украинаа икарыжьит.