Иахьарнахыс Қырҭтәыла атәылауаа Израиль закәанла аусура алагаразы ашәҟәы аҽҭаҩра иалагар рылшоит
Иахьарнахыс Қырҭтәыла атәылауаа Израиль закәанла аусура алагаразы ашәҟәы аҽҭаҩра иалагар рылшоит

Иахьарнахыс Қырҭтәыла атәылауаа Израиль закәанла аусура алагаразы ашәҟәы аҽҭаҩра иалагар рылшоит. Атәылауаа абри алшара роуит Қырҭтәылеи Израили реиҳабырақәа ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра абзоурала.

Аусурҭала аиқәыршәара ацхрааразы аҳәынҭарратә агентра адыррақәа рыла, ашәҟәҭаҩра апроцесс мҩаҧысуеит аусбарҭа апортал ҷыда аҿы.

Агентра аинформациа инақәыршәаны, Қырҭтәыла атәылауаа, шықәсык аҩнуҵҟа закәанла Израиль аусура рылшоит.

Қырҭтәыла иҟоу Израиль ацҳаражәҳәаҩ Ран Гидор ишиҳәаз ала, аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны,  1000ҩык раҟара Қырҭтәыла атәылауаа Израиль инеины, закәанла аусура иалагар рылшоит.