Иахьа Тегеран Џьамтәылеи Ҭырқәтәылеи, Урыстәылеи рхадацәа еиԥылоит
Иахьа Тегеран Џьамтәылеи Ҭырқәтәылеи, Урыстәылеи рхадацәа еиԥылоит

Иахьа Тегеран Џьамтәылеи Ҭырқәтәылеи, Урыстәылеи рхадацәа еиԥылоит. Ари, Астанатәи аформат аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуа 7-тәи хганкалатәи аиԥылароуп.

Ҭырқәтәыла ахада Реџьеп Таип Ердоӷан Џьамтәыла аҳҭнықалақь даҭаахьеит. Ердоӷан иадминистрациа аинформациа ала, асаммит аҳәаақәа ирҭагӡа́ны апланқәа ирылоуп Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи рхадацәа реиԥылара.

Агентра “Роитер” аинформациа ала, Ердоӷани Урыстәыла ахада Владимир Путини Украина апортқәа рҟынтә арыц аекспорт аиҭалагареи Шьамтәыа азҵаареи рыхцәажәоит. Агентра аинформациа ала, Ҭырқәтәыла Шьамтәыла арратә аоперациа ҿыц алагара  аҭахуп, Москва ари азҵаара иаҿагылоит.