Тегеран шьыжь инаркны аҧжәарақәа рыбжьы гоит. Ари атәы аанацҳаит ВВС.
Америка арратә напхгара рдыррақәа рыла, дара аинструкциа иашьашәаланы ашьаҿақәа ҟарҵоит.
Уаанӡа Изнаиль ахыхьчаратә ар анапхгара аахақәа шынарыгӡо аарыцҳаит. Дара рҳәамҭала, ирантәи аракетатә комплексқәеи аҳаирхьчаратә системақәеи ираахоит.
Иран иуааҧсыра Иран иреиҳаӡоу алидер Али Хаменеи иҧсра иазгәарҭоит. Аамҭакала, қалақьқәак рҿы, аҭыҧантәи анапхгара рыдгылара иазку аусмҩаҧгатәқәа мҩаҧысуеит. Тегеран иҟаҵоу авидеонҵамаҭақәа рҿы ауаа Али Хаменеи ипатретқәа кны дырҵәыуеит.