Иахьа Қырҭтәыла даҭаауеит   World Rugby ахада Билл Бомонт #1TVSPORT
Иахьа Қырҭтәыла даҭаауеит   World Rugby ахада Билл Бомонт #1TVSPORT

Иахьа, цәыббра  26 рзы, аофициалтә визитла Қарҭ иаҭаауеит  World Rugby ахада  Билл Бомонти,  анагӡаратә директор  Алан Гилпини,  жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рзы аиҿкаара анапхгаҩы  Девид Керриги.

Аделегациа алахәылацәа арегбитә база  «Лело» иаҭаауеит, уаҟа акультуреи аспорти аҿар русқәеи рзы аминистри,  аҵара аминистри,  афонд  «Картуи»  Қырҭтәыла арегби азы аидгылеи зымҽхак дуу апрограмма «Арегби уалала» анагӡара иазку амеморандум рнапы аҵарҩеит, зыӡбахәы ҳәоу апрограммала иазҧхьагәаҭоуп 150 школқәа рҿы ахәыҷтәы регби аҿиара.

Аделегациа алахәылацәа  Қырҭтәыла аҧыза-министри,  ақырҭуа регби администрациеи ирҧылоит.