Иахьа инаркны авакцинациазы аҭаҩра аиустициа ҩнқәа рҿгьы иҟалоит
Иахьа инаркны авакцинациазы аҭаҩра аиустициа ҩнқәа рҿгьы иҟалоит

Иахьа инаркны атәылауаа авакцинациазы аҭаҩра аиустициа ҩнқәеи ауаажәларратә центрқәеи рҿгьы ирылшоит.

Аицстициа аминистра аинформациа ала, Қарҭтәи аиустициа аҩны  иаҭааны, асервис ҿыц шымҩаԥысуа гәарҭеит Агәабзиарахьчара аминистр лхаҭыԥуаҩ Ҭамар Габуниеи Аиустициа аминистр ихаҭыԥуаҩ Ҭамар Тҟемалаӡеи.

Авакцианциазы аҭаҩра зҭаху атәылауаа аиустициа ҩнқәеи ауаажәларратә центрқәеи рахь инеироуп, ма аҭел иасроуп аномерла 2405405.

Атәылауаа асервис аиура рылшоит ашәахьа инаркны ахәашанӡа, асааҭ 9:00 инарны асааҭ 18:00-нӡа, асабшеи амҽышеи алаҵа аҟаҵара зҭаху атәылауаа Қарҭтәи Баҭымтәи аиустициа ҩнқәа асааҭ 10:00 инаркны асааҭ 17:00-нӡа аартызаауеит.