Қырҭтәыла  зықәра наӡоу ауааԥсыра 10% аҩдозак алаҵа рзыҟаҵоуп
Қырҭтәыла зықәра наӡоу ауааԥсыра 10% аҩдозак алаҵа рзыҟаҵоуп

Қырҭтәыла ҩдозак рзыҟарҵахьеит 286 187-ҩык –  зықәра наӡоу ауааԥсыра 10.0%, – ари атәы аарыцҳаит Ачымазарақәа рхылаԥшра амилаҭтә центр аҟынтә.

Ацентр аҟынтә ишаарыцҳаз ала, дозак рзыҟарҵахьеит  675 978-ҩык – зықәра наӡоу ауааԥсыра 23.7%.

Нанҳәа 22 рзы иҟоу адыррақәа рыла, Қырҭтәыла алаҵақәа ҟарҵахьеит 962 165-ҩык ауааҧсыра, иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла алаҵа рзыҟаҵан 23 303-ҩык.

Иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Қырҭтәыла акоронавирус 3 803 афакт ҿыцқәа аарҧшуп, 5 332-ҩык апациентцәа ачымазара иалҵит, иԥсит 48-ҩык.