Иахьа Ергнеҭи имҩаҧысуеит Аинцидентқәа рпревенциеи рықәҿыҭра амезанизми азы агәыҧ аилатәара
Иахьа Ергнеҭи имҩаҧысуеит Аинцидентқәа рпревенциеи рықәҿыҭра амезанизми азы агәыҧ аилатәара

Иахьа Ергнеҭи имҩаҧысуеит Аинцидентқәа рпревенциеи рықәҿыҭра амезанизми азы агәыҧ аилатәара. Аиҧылараҿы ирылацәажәоит аҵыхәтәантәи ҩымз рыла ампыҵахалатә цәаҳәаҽы иҟалаз аинцидентқәа зегьы.

Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура Аналитикатә департамент адиректор ихаҭыҧуаҩ Иракли Анҭаӡе ишиҳәаз ала, ақырҭуа аган Қырҭтәыла атәылауаа закәандарала раанкылара иадҳәаланы апротест ҟарҵоит,  иара убас,  даҽазнык аҳәара иқәдыргылоит Ахалгори аушьҭратә пункт аартразы,  иара убас,  амҩа аркра иахылҵыз агуманитартә кризисгьы иалацәажәоит.

Убри адагьы,  аиҧылараҿы иазаҭгылоит Генади Бестаев изҵаарагьы. Хымш ҵуеит иара ахәыштәырҭаҿ дыҟоижьҭеи. Ҩышықәса закәандарала атҟәараҿы иҟаз Генади Бестаев цәгьала дыҟоуп.

Импыҵахалоу Цхинвал уажәгьы дҭакуп мызқәак раҧхьа закәандарала иаанкылаз Қырҭтәыла атәылауаҩ Гела Гочошвили.