Иахьа Британиа  G7 асаммит мҩаҧысуеит
Иахьа Британиа  G7 асаммит мҩаҧысуеит

Иахьа Британиа  G7 асаммит мҩаҧысуеит, уи рхы аладырхәоит Америка ахада  Џьо Баидени Европа Ахеилак ахада Шарль Мишели.

Аиҧылараҿы излацәажәо ахадаратә зҵаарақәа иреиуп  апандемиа атема. Алидерцәа иҕару атәылақәа авакцина  миллиард адозақәа  рыҭара ргәы иҭоуп. Иара убас,  G7 асаммит аҿы Урыстәылеи Китаии рызҵаарақәагьы ирзааҭгылоит.

Корнуолл имҩаҧысуа асаммит ҩымш инагӡахоит.