Европа имҩаԥысран иҟоу Нато азыҟаҵарақәа рхы аладырхәоит 20 000-ҩык британиатәи аруаа.
Европа имҩаԥысран иҟоу Нато азыҟаҵарақәа рхы аладырхәоит 20 000-ҩык британиатәи аруаа.

Аинформациатә агентра “Роитер” адыррақәа рыла, Европа имҩаԥысран иҟоу Нато азыҟаҵарақәа рхы аладырхәоит 20 000-ҩык британиатәи аруаа.

Британиа Ду Атәылахьчара аминистрра аинформациала, 16000-ҩык британиатәи аруаа жәабран инаркны рашәаранӡа мрагыларатә Европаҿ игылазаауеит. Иара убас Европа идәықәлиот авианыҟәгагақәеи авиациеи, урҭ рыбжьара F-35 тип змоу аҳаирпланқәа.

“Аибашьра хьшәашәа ахыркәшара ашьҭахь Европа имҩаԥысран иҟоу зегь реиҳа зымҽхак ҭбаау Нато азыҟаҵарақәа рхы аладырхәоит 20 000-ҩык британиатәи аруаа“, – иҳәеит Британиа Ду Атәылахьчара аминистр Грант Шапс.

Нато азыҟаҵарақәа – Steadfast Defender Алианс 75 шықәса ахыҵра инамаданы мҩаԥгахоит.