Чарльз III аофициалла Британиа Ду акралс дҟалеит
Чарльз III аофициалла Британиа Ду акралс дҟалеит

Чарльз III аофициалла Британиа Ду акралс дҟалеит.

Ари атәы Џьеимс ацқьа ихан амаҵурҭантә аарыцҳаит.

“Нагӡара иқәзааит аҳ”, – иазгәаҭан аҳәамҭа аҿы. Уаанӡа Џьеимс ацқьа ихан аҟны аҳреимдаҩ ишьақәырӷәӷәаразы ахеиак аилатәара мҩаԥган, аилатәараҿ аҳәынҭқарс Чарльз дшьақәдырӷәӷәеит.

Ари ашьҭахь Џьеимс ацқьа ихан атәыла агимни  абзарбзанқәа рҟынтә аицҭырҟьаратә
хысра нагӡан.