Иахьа Ахәаша ҟаҧшь ауп  - Аиашахаҵаратә уахәама Қьырса  аџьар икыдҵареи, икыдхреи, иҧсыжреи азгәанаҭоит
Иахьа Ахәаша ҟаҧшь ауп  - Аиашахаҵаратә уахәама Қьырса  аџьар икыдҵареи, икыдхреи, иҧсыжреи азгәанаҭоит

Иахьа Ахәаша ҟаҧшь ауп  – Қьырса игәаҟра мчыбжьы азы зегьы реиҳа ихьанҭоу мшуп. Аиашахаҵаратә уахәама Иаса Қьырса  аџьар икыдҵареи, икыдхреи, иҧсыжреи азгәанаҭоит.

Иахьа аныхабаақәа рҿы аџьар акыдхра аҵас мҩаҧыргоит. Ахәаша ҟаҧшь азы аныхабаақәа рҿы алитургиа мҩаҧыргом, избанзар, Аевангелиа инақәыршәаны, Иҳақәиҭу ауаа рыгәнаҳарақәа рықәхра ихы ақәиҵеит.

Анцәа дхазҵо ауаа абри амш азы аҧштәы ҟаҧшь ала акәтаҕьқәа ршәоит, апаскақәа рӡоит.