Аиашахаҵаратә уахәама Аҧшьаша Дуӡӡа азгәанаҭоит
Аиашахаҵаратә уахәама Аҧшьаша Дуӡӡа азгәанаҭоит

Иахьа аиашахаҵаратә уахәама Аҧшьаша Дуӡӡа азгәанаҭоит. Иахьатәи амш алахәыра амаӡа иадҳәалоуп. Аевангелие инақәыршәаны, убри аҽны Иаса Қьырса, раҧхьаӡа акәны, иҵаҩцәа алаирхәын, Евхаристиа амаӡа шьақәиргылеит.

Ари амш инамаданы аныхабаақәа рҿы аныҳәатә Анцәа имаҵзура мҩаҧгахоит. Алитургиа ашьҭахь аӡы ахьыршра аҵас мҩаҧгахоит. Ари атрадициа асимволтә ҟазшьа амоуп, избанзар, убри аҽны, Иаса Қьырса, ахыларҟәра адыргала, иҵаҩцәа ршьапқәа иӡәӡәеит.