Иахьа апарламент аҿы Евроеидгыла 12 абжьагарақәа ирыдҳәаланы аконсультациа иалагоит
Иахьа апарламент аҿы Евроеидгыла 12 абжьагарақәа ирыдҳәаланы аконсультациа иалагоит

Иахьа апарламент аҿы Евроеидгыла аҟынтә Қырҭтәыла иаиуз 12 абжьагарақәа ирыдҳәаланы аконсультациақәа иалагоит. Апарламентә ахантәаҩы Шьалуа Папуашвили аоппозициа ахаҭарнакцәа дырҧылараны дыҟоуп.

Шьалуа Папуашвили атәылаҿы адеполиаризациа иадҳәалоу ахырхарҭа анапхгара азиуеит. Адеполиаризациа азҵаара зыӡбахәы ҳәоу абжьагарақәа рханы игылоуп.

Иахьатәи аиҧылара рхы аладырхәоит аоппозициаа рыхәҭак, урҭ иреиуп  «Атәылауааи», Гьаргь Гахариа ипартинеи,  «Гирчи» ахаҭарнакцәа.

Егьырҭы аоппозициатә партиақәа макьана еилацәажәоит, дара амш анҵәамҭанӡа рпозициа аадырҧшуеит, аха, иацы ишырҳәаз ала, ари апроцесс аҿы  «Ақырҭуа гәахәтәы» агәра ргом, избанзар, ражәақәа рыла, анапхгаратә гәыҧ уаанӡагьы еиуеиҧшым азҵаарақәа рзы аконсультациақәа мҩаҧыргон, аха, иқәыргылаз аҳәарақәа нарымгӡеит.