"Иаку амилаҭтә ҵысра" алахәыла  Нона Мамулашвили  апарламент аилатәаратә зал аҿы Урыстәыла хьыӡрашәа аҿалкит
"Иаку амилаҭтә ҵысра" алахәыла  Нона Мамулашвили  апарламент аилатәаратә зал аҿы Урыстәыла хьыӡрашәа аҿалкит

“Иаку амилаҭтә ҵысра” алахәыла  Нона Мамулашвили  апарламент изаамҭаным аилатәараҿы Урыстәыла хьыӡрашәа аҿалкит. Абри ахҭыс ҟалеит ауаҩытәыҩса изинқәеи атәылауаҩаратә интеграциеи азы акомитет ахантәаҩы Михаил Сарџьвелаӡе Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иажәахә иадҳәаланы данықәгылоз.

Апарламент ахантәаҩы  Каха Куҷава   Ноны Мамулашвили лхымҩаҧгашьа хьымӡҕуп ҳәа иҳәеит.

«Браво, браво. Қырҭтәыла Ахьыҧшымра акт анапҵаҩра аҭыҧаҿы шәара Урыстәыла хьыӡрашәа аҿашәкит, браво! Ахьымӡҕ. Абри алагьы зегьы убарҭоуп, изҭаху ибоит», —иҳәеит Каха Куҷава.