Иаго Хвичиа  -  "Амилаҭтә ҵысра" еилаҳар бзиахон
Иаго Хвичиа  -  "Амилаҭтә ҵысра" еилаҳар бзиахон

«Зегьы аҧара ахарауҵар ҟалоит, аха, ашьапылампыл еиҧшҵәҟьа, аполитикаҿгьы аҧара проблемым», — иҳәеит  «Гирчи» алидер Иаго Хвичиа.

Хвичиа Аконституциатә шәарҭадара адепартамент ҧасатәи ачинҳаракҩы Сосо Ҭоҧуриӡе иҟаиҵаз аҳәамҭа дахцәажәеит. Ҭоҧуриӡе иҳәеит: «Атәыла анапхгара ирхысҳәаараны иҟои, аоппозициаа ажәлар рхарџьла икьаҭеит, шәара, аоппозициатә депутатцәа, Ника Мелиа абри аҩыза аулафахәы ду  анизыршәоз шәабаҟаз».

Иара убас, Иаго Хвичиа игәаанагарала, аҵыхәтәантәи аамҭазы иҟаҵаз ақәҿиарадаратә шьаҿақәа рымшала, «Амиҭатә ҵысра» аҩныҵҟа аиҭакрақәа мҩаҧгазароуп.

««Амилаҭтә ҵысра» аҩныҵҟа имҩаҧысуа апроцессқәа сыздырӡом, аха, аимак шрыбжьоу здыруеит.  Аҵыхәтәантәи аамҭазы иҟаҵаз ақәҿиарадаратә шьаҿақәа рымшала, «Амиҭатә ҵысра» аҩныҵҟа аиҭакрақәа мҩаҧгазароуп. “Амилаҭтә ҵысра” еилаҳар бзиахон, ари азҵаара иаҳа-иаҳа актуалра аиуеит», — иҳәеит  Хвичиа.