Иԥсҭазаара далҵит Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ԥасатәи ахантәаҩы Константине Кублашвили
50 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит азакәандырҩы, Қырҭтәыла Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ԥасатәи ахантәаҩы Константине Кублашвили.
Ари атәы аарыцҳаит Кублашвили иҭаацәара алахәылацәа.
Константине Кублашвили икариераҿ еиуеиԥшым аҭыԥқәа ааникылон. Занааҭла жәларбжьаратәи азин даспециадистын. 200 шықәсазы Қырҭтәыла Аиустициа ахеилак алахәылас далхын. 2000-2002 шш. рзы Қырҭтәыла Аиустициа аминистр актәи ихаҭыԥуаҩс аус иуан. 2002-2004 шш. рзы аус иуан аиуристтә фирма “Ақырҭуа дукатцәа аиашазы” аҿы. 2004-2005 шш. рзы аус иуан Қырҭтәыла ахада инапаҵаҟа иҟаз Аҿиареи ареформақәе рфонд ахылаԥшратә хеилак аҿы, аамышьҭахь афонд адиректорс. 2005-2015 шш. рзы Қырҭтәыла Иреиаӡоу аӡбарҭа дахагылан.