Ҭырқәтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Ҳакан Фидан иҳәамҭала, урыстәыла-украина реибашьра ахыркәшаранӡа инеихьеит.
Фидан иажәақәа рыла, аганқәа зегьы аибашьра анагӡаразы ирымаз алшарақәа нырхит.
Ателеканал «A Haber» иеиҭаз аинтервиу аҿы Фидан ишазгәеиҭаз ала, европатәи алидерцәагьы аибашьра ахыркәшара иазҿлымҳауп.
«Ари аибашьра аганкқәа зегьы рылшарақәа рымнахит, аӡәгьы харҳагак иоуам, аҩ- ганкт ацәыӡ ду роуит», — иҳәеит Фидан.
Ҭырқәтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ишиҳәаз ала, Европа, ишиашо ари аибашьра иалахәым, аха афинанстәи арратәи ахарџьқәа амоуп, арҭ ахарџьқәа азҳара иаҿуп.
«Аибашьра хыркәшатәуп. Аиҿцәажәарақәа рыда ҧсыхәа иҟам ҳәа ҳгәы иаанагоит. Уи Ҭырқәтәыла аума, ҽаџьара аума, зехьынџьара иҟалар ауеит, аха, агәра ганы сыҟоуп аҭынчра хымҧада ишыҟало», — иҳәеит Фидан.