Ҳакан Фидан - Ҭырқәтәылеи, Азербаиџьани, Қырҭтәылеи арегионаҿ аҭынчра ашьақәыргылара алшара ҳазҭо, зҵакы дуу апроектқәа ҳрылахәып
«Ҳара, Ҭырқәтәылеи, Азербаиџьани, Қырҭтәылеи, астратегиатә аҵакы ду змоу апроектқәа ҳрылахәып», — иҳәеит Ҭырқәтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Ҳакан Фидан визитла Ҭырқәтәыла иҟоу Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвили данылҧыла ашьҭахь.
Иара иажәақәа рыла, арегионаҿ аҭынчра ашьақәыргылара иацхраауа абарҭ апроектқәа рҿы атәылақәа рыхҧагьы рылахәызаара аҵакы ду амоуп.
«Ҭырқәтәылеи, Азербаиџьани, Қырҭтәылеи арегионаҿ аҭынчра ашьақәыргылара алшара ҳазҭо, зҵакы дуу апроектқәа ҳрылахәып. Аминистр ишылҳәаз ала, арҭ апроектқәа рҿы атәылақәа рыхҧагьы рылахәызаара аҵакы ду амоуп, ҳәарада, абри зегьы арегионаҿ аҭынчра ашьақәыргылараҿы иҳацхраауеит. Ҷыдала иазгәасҭар сҭахуп европатәии адунеитәи џьармыкьақәа рҿиараҿы Каспиатәи амш инанагӡо ароль ду. Ҳәажәарада, Амшын еиқәа арегиони уи апотенциали ахадаратә ҵакы амоуп. Арҭ апроектқәа аҿиара рымазароуп. Ҳара, Ҭырқәтәылеи, Азербаиџьани, Қырҭтәылеи, аусеицура аганахьала егьырҭ атәылақәа рзгьы ҳҿырҧшыгоуп», — иҳәеит Ҭырқәтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр.