Ҳадас Меицад  - Израиль ареалтә ашәарҭара аҟынтә ахыхьчара азин шамоу иазхазҵо, иҳадгыло ауаа зегьы ҭабуп ҳәа расҳәоит, ҳара ҳтәылауаа рыхьчара наҳагӡоит
Ҳадас Меицад  - Израиль ареалтә ашәарҭара аҟынтә ахыхьчара азин шамоу иазхазҵо, иҳадгыло ауаа зегьы ҭабуп ҳәа расҳәоит, ҳара ҳтәылауаа рыхьчара наҳагӡоит

Израиль ареалтә ашәарҭара аҟынтә ахыхьчара азин шамоу иазхазҵо, иҳадгыло ауаа зегьы гәыкала ҭабуп ҳәа расҳәоит, ҳара ҳтәылауаа рыхьчара наҳагӡоит, – илҩит Қырҭтәыла иҟоу Израиль ацҳаражәҳәаҩ Ҳадас Меицад асоциалтә аҳаҿы.

Лара лажәақәа рыла,  атерроризм аекспортиор хада атомтә алшарақәа имамзар,  адунеиаҿ  зегьы рзы ашәарҭадара  иаҳа иҕәҕәахоит.

„Тегерантәи арежим ала идәықәҵаз аракетақәа рацәа рымшала иаха миллионҩыла Израиль ауааҧсыра ахыҵакырҭаҿ идыршеит,  ари ажәылара уажәгьы инагӡоит. Рыцҳарас иҟалаз,  ари ажәылара ауаа рацәа иалаӡит,  ахәрақәа заузгьы рацәоуп.  Израиль ирантәи атомтә инфраструктуреи абри ишәарҭоу аинфраструктра аҿиара иалахәыз арратә ачынуааи  ираахеит. Избанзар,  аҵыхәтәантәи амзақәа рзы угәы ҧызжәашаз ахҭысқәа ҟалеит,  абри зегьы иарбоуп Атомтә енергиа жәларбжьаратәи агентра аҳасабырбаҿгьы.

Тегерантәи арежим иаартны ирҳәоит дара хықәкыс ирымоу. Израильтәи аҳәынҭқарреи зхы иақәиҭу адунеи егьырҭ атәылақәеи ҧырхага рзааргар рҭахуп. Атерроризм аекспортиор хада атомтә алшарақәа имамзар,  адунеиаҿ  зегьы рзы ашәарҭадара  иаҳа иҕәҕәахоит.    Израиль ареалтә ашәарҭара аҟынтә ахыхьчара азин шамоу иазхазҵо, иҳадгыло ауаа зегьы ҭабуп ҳәа расҳәоит, ҳара ҳтәылауаа рыхьчара наҳагӡоит“, – илҩит Ҳадас Меицад.