Ҳаамҭазтәи аҟазара ацәыргақәҵа иахьа Қарҭ аартхоит
Ҳаамҭазтәи аҟазара ацәыргақәҵа иахьа Қарҭ аартхоит

Аҳҭнықалақь ахадара адгылара ала, ацәыргақәҵатә павилион “Експо Џьорџьиаҿ” иахьа, асааҭ 14:00 рзы ҳаамҭазтәи аҟазара ацәыргақәҵа аартхоит.

Ауснагӡатә мшаԥы 11 инаркны 14-нӡа нагӡахоит. Асааҭ 17:00 инаркны аџьармыкьа ауаажәлар рзы аартхоит.

Сынтәа ацәыргақәҵа рхы аладырхәоит 30 иреиҳаны аҭыԥантәии жәларбжьаратә галереиақәа. Зхы иақәиҭу артистцәа рқәыԥшылараҿ – Hive ицәыргахоит 45 ҭыхымҭақәа.

Қарҭтәи ҳаамҭазтәи аҟазара аџьармыкьаҿ ацәыргақәҵа ада, амастер-классқәеи Art Talk-қәеи мҩаԥгахоит.