Гурам Ҭушишвили – Анталиа имҩаҧысуаз Ашлем Ду атурнир аҿы аиааира игеит
Гурам Ҭушишвили – Анталиа имҩаҧысуаз Ашлем Ду атурнир аҿы аиааира игеит

Ҭырқәтәыла, Анталиа имҩаҧысуаз аӡиудо азы атурнир Ашлем Ду афинал аҿы Гурам Ҭушашвили аузбек Алишер Иусупов даҵаирхан, ахьтәы медаль игеит.  Гурам –  2018 шықәсазы адунеи ачемпионс дҟалеит, Токио имҩаҧысуа аолимпиатә хәмаррақәа рҿы араӡнытә медаль игеит.

Уаанӡа афинал аҿы дықәҧон Лука Маисураӡе, иара кубатәи ақәҧаҩ  Иван  Фелипе Сильво  Моралес диацлабуан, аха даҵахеит.

Зыӡбахәы ҳәоу атурнир аҿы Қырҭтәыла аизга даҽа ахьтәы медальки араӡнытә медальки аиуит.   19 шықәса зхыҵуа Гьаргь  Ҭерашвили (73 кьыла) актәи аҭыҧ ааникылеит,  Лухум Чхвимиани (60  кьыла) — аҩбатәи аҭыҧ.