Гудаурии Кобии еимыздо амҩа цыҧҵәахаҿы амашьына ласқәа рыла аиҭаҵра еиҭашьақәгылоуп
Гудаурии Кобии еимыздо амҩа цыҧҵәахаҿы амашьына ласқәа рыла аиҭаҵра еиҭашьақәгылоуп

Мцхеҭа–Стеҧанҵминда–Ларс амҩаду Гудаурии (Ԥоста) Кобии еимыздо амҩатә цыҧҵәахаҿы амашьына ласқәа рыла аиҭаҵра еиҭашьақәгылоуп. Ари аинформациа аланарҵәеит Автомобилтә мҩақәа рдепартамент.

Ацраҳәагақәа змоу атранспортла аамҭала аиҭаҵра ҟалом.

„Имҩаҧгаз арыцқьаратә усурақәа рыбзоурала,  жәларбжьаратәи аҵакы змоу Мцхеҭа–Стеҧанҵминда–Ларс автомобилтә мҩа Млеҭа-Гудаурии, Гудаурии (Ԥоста) Кобии, Степанҵминда-Ларсеимыздо ацыҧҵәахаҿы амашьына ласқәа рыла аиҭаҵра еиҭашьақәыргылоуп, аха, асду амшала, ацраҳәагақәа змоу атранспортла аиҭаҵра ҟалом“, – иануп аинформациаҿы.