Гудаури-Коби амҩатә цыҧҵәахаҿы ацраҳәагақәа змоу атранспортла аиҭаҵра ҟалом
Гудаури-Коби амҩатә цыҧҵәахаҿы ацраҳәагақәа змоу атранспортла аиҭаҵра ҟалом

Қырҭтәыла Арегионалтә аҿиареи аинфраструктуреи рзы аминистрра иаҵнакуа Автомобилтә мҩақәа рдепартамент аинформациала, жәларбжьаратәи аҵакы змоу  Мцхеҭа-Степанҵминда-Ларс  автомобилтә трасса Гудаури (Ԥоста)-Коби аҵыҧҵәахаҿы асоуреи аҵааи амшала,  ацраҳәагақәа змоу амашьынақәа рыла аиҭаҵра ҟалом, егьи атранспорт зегьы аиҭаҵра алшоит

«Гудаури-Коби амҩатә цыҧҵәахаҿы атранспорттә хархәагақәа иаанымгылакәа еиҭаҵроуп, асыҧса аҽацәыхьчаратә аҳапкылҵәақәа мацара рыла. Абри арежим ала аиҭаҵра иахылаҧшуеит апатрультә полициа», — иануп Автомобилтә мҩақәа рдепартамент аинформациаҿы.