Гудаури-Коби  амҩатә цыҧҵәахаҿы автомобилтә аиҭаҵра аанкылоуп
 Гудаури-Коби  амҩатә цыҧҵәахаҿы автомобилтә аиҭаҵра аанкылоуп

Амҩатә департамент адыррақәа рыла,  Гудаури (Поста)-Коби амҩатә цыҧҵәахаҿы автомобилтә аиҭаҵра аанкылоуп.

Аҧсабаратә лагылазаара ахьчара амилаҭтә агентра аинформациа инақәыршәаны, ари ацыҧҵәахаҿы асыҧса ашәарҭара иҟоуп.

Агентра аҟынтә ишаарыцҳаз ала,  Степанҵминда-Ларс  ацыҧҵәахаҿы амашьынақәа иаанымгылакәа еиҭаҵыр рылшоит.

Атрасса егьырҭ ацыҧҵәахақәа рҿы атранспорт еиҭаҵуеит абжьааҧнытә режимла.