Григориадис иҭаацәара алахәылацәа ахада лахь ааԥхьара ҟарҵеит Лазаре ашьауӷа ихылхырц
Григориадис иҭаацәара алахәылацәа ахада лахь ааԥхьара ҟарҵеит Лазаре ашьауӷа ихылхырц

2023 шықәса хәажәкыра 7, 8, 9  рзы Қарҭ имҩаҧысуаз амитингқәа раан аполициа аусзуҩцәа рықәлареи амал аҧхасҭатәреи рзы 9 шықәсатәи аҭакра зқәырҵаз Лазаре Григориадис иҭаацәара алахәылацәа ахада лахь ааԥхьара ҟарҵеит Лазаре ашьауӷа ихылхырц.

Лазаре Григориадис иан, Ҭамҭа Каландаӡе ажурналистцәа ишралҳәаз ала, ахада ашьауӷа ахыхра аӡбара шлыдылкыло дақәгәыӷуеит.

2023 шықәса хәажәкыра 7, 8, 9  рзы Қарҭ имҩаҧысуаз амитингқәа раан аполициа аусзуҩцәа рықәлареи амал аҧхасҭатәреи зхарарҵоз Лазаре Григориадис 9 шықәсатәи аҭакра иқәҵоуп.

Азинхьчаҩцәа Лазареи Григориадис дааныркылеит хәажәкыра 29 рзы, хәажәкыра 31 рзы уи заанаҵтәи аҭакра иқәҵан. Лазаре Григориадис  хәажәкыра 7, 8, 9  рзы Қарҭ имҩаҧысуаз амитингқәа раан аполициа аусзуҩцәа рықәлареи амал аҧхасҭатәреи ихарарҵоит.  Аусеилыргара адыррақәа рыла, 21 шықәса зхыҵуа  Лазаре Григориадис  акциақәа раан аполициа аусзуҩцәа ахаҳәқәеи Молотов икоктеильқәеи ргәыдиҵон, убри амшала, азинхьчаратә органқәа рхаҭарнакцәа аахақәа роуит. Иара убас, аусеилыргара адыррала, Григориадис Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра амашьына Toyota Corolla амца ацреиҵеит, ари ала аҳәынҭқарра 39000 лари аԥхасҭа аиуит.