Гиули Аласаниеи Едуард Саакашвилии Европарламент ахь инеит
Гиули Аласаниеи Едуард Саакашвилии Европарламент ахь инеит

Қырҭтәыла ԥасатәи ахада Михеил Саакашвили иани иԥеи Гиули Аласаниеи Едуард Саакашвилии Европарламент ахь инеит.

Аласаниеи Саакашвилии ажурналистцәа ишрарҳәаз ала, Қырҭтәылеи Украинеи, Молдовеи Евроеидгыла алалара акандидат тәылақәа рстатус анашьара иазкны Европарламент аҿы имҩаԥысран иҟоу адебатқәа рхы аладырхәоит.

Адебатқәа рышьҭахь урҭ Европарламент адепутатцәа ирԥылоит.