Қырҭтәылa Аҵaреи aҵaрaдырреи, аҿари рминистр Гиви Миқанаӡе аҵаҩцәеи, арҵаҩцәеи, аҭаацәеи аҵаратә ашықәс ҿыц алагара рыдиныҳәалеит.
„Ҳаҭыр зқәу аҵаҩцәа, аиҭаацәа, арҵаҩцәа! Гәыкала ишәыдысныҳәалоит аҵаратә ашықәс алагара. Ари акрызҵазкуа мшуп – ҳхәыҷқәа актәи акласс ахь иҭалоит, ашкол ашәқәа раԥхьаӡа аадыртуеит, ашкол иҭоу аҵаҩцәа, арҵаҩцәа ашкол ахь ихынҳәит.
Ҳара хықәкыс иҳамоуп аҵаҩы цыԥхьаӡа зхаҭабзиара ҳараку аҵара аиура еиҟароу алшара иаҳҭарц. Уи азы, атәылаҿ ашколқәа зегьы ҳаамҭазтәи астанрадтқәа ирышьашәалоу аҵара лагылазаара бзиа ирымазарц азы, инаҳагӡоит аинфраструктуратә проектқәа рырҿиара.
Ашықәс ҿыц ҳалашоит ирҿыцу ашколқәа рҿы, ари крызҵазкуа шьаҿоуп.
Арҵаҩцәеи, адиректорцәеи, ашколқәа рҿы аус зуа ауаа зегьы ааҧсарак рымамкәа имҩаҧырго аусуразы ҭабуп ҳәа расҳәоит”, – иануп аминистр иҟаиҵаз аҳәамҭа аҿы.