Гитанас Науседа – Ҳара аентузиазм ду ҳалоуп, атәылақәа абжьагарақәа анынарыгӡалак  аиҿцәажәарақәа ралагара ҳахыццакуеит, уажәы шәара шәоуп зегьы зхьыҧшу
Гитанас Науседа – Ҳара аентузиазм ду ҳалоуп, атәылақәа абжьагарақәа анынарыгӡалак  аиҿцәажәарақәа ралагара ҳахыццакуеит, уажәы шәара шәоуп зегьы зхьыҧшу

Европатәи аиҩызара Евроеидгыла арҭбаара апроцесс ацынхәрас иаҧшьагаз аус ҳасабала иахәаҧштәым, избанзар, Евроеидгыла арҭбаара  —  уи даҽа каналк ауп. Ари аканал шәтәылақәа рзы аҵакы ду амоуп. Уажәы шәара шәоуп зегьы зхьыҧшу, ишәырҭаз адҵа нашәыгӡароуп, — иҳәеит Литва ахада  Гитанас Науседа  Европатәи аполитикатә аиҩызара асаммит иалагаанӡа ақырҭуа журналистцәа данрацәажәоз.

Иара иажәақәа рыла, атәылақәа абжьагарақәа зегьы анынарыгӡалак, аиҿцәажәаратә процес иалагоит, Евроеидгыла уи даараӡа иазҿлымҳауп.

Европатәи аполитикатә аиҩызара асаммит  изызкуи ҳәа ианиазҵаа Литва ахада ишиҳәаз ала,  Урыстәыла Украина имҩаҧнаго аибашьра ақәыӡбаразы азеиҧш позициа ҧшаатәуп.

«Сгәы ишаанаго ала,  Урыстәыла Украина имҩаҧнаго аибашьра ақәыӡбареи ахархәагақәа зегьы рыла Украина ацхраареи азы азеиҧш позициа ҧшаатәуп. Иара убас, аенергетикатә џьармыкьақәагьы ӡбашьак раҳҭароуп, ҳџьармыкьақәа рҭышәынтәалара ҳарҕәҕәароуп.  Абри аиҧылара рхы аладырхәоит аҧсабаратә ресурсқәа рацәа ахьыҟоу атәылақәа рлидерцәа, уажәазы апроблемақәа ирҭагыло европатәи аенергетикатә џьармыкьақәа рҭышәынтәалара аизырҳаразы афымцатә ресурсқәа рдиверсификациаа ҳалшар ҟалап», — иҳәеит  Гитанас Науседа.