Литва ахада Мраҭашәарахь ааҧхьара ҟаиҵеит Урыстәылаҟны аекономикатәи аенергетикатәи аимадарақәа ааныркыларц
Литва ахада Мраҭашәарахь ааҧхьара ҟаиҵеит Урыстәылаҟны аекономикатәи аенергетикатәи аимадарақәа ааныркыларц

Литва ахада Гитанас Науседа Мраҭашәарахь ааҧхьара ҟаиҵеит Урыстәылаҟны аекономикатәи аенергетикатәи аимадарақәа ааныркыларц. Науседа ари аҳәамҭа ҟаиҵеит литватәи ауаажәларратә дырраҭара  LRT аинтервиу анеиҭоз.

«Литва Урыстәыла аекономикатәи аенергетикатәи ашантаж аҿагылара алшарц азыҳәан иҟаҵоу  рацәоуп ҳәа сгәы иаанагоит. Иахьа, Мраҭашәаратә Европа тәылақәак санрыхәаҧшуа, Литва амҩа ду ишахысыз збоит», — иҳәеит Науседа.

Науседа ишиҳәаз ала, европатәи ҳәынҭқаррақәак иреиҧшымкәа, Литва урыстәылатәи аенергоресурсқәа рҟынтә ахьыҧшымра азы аанацҳаит.

«Урыстәыла ахырхарҭала ацәаныррақәа зҵым аполитика иаҳа алҵшәа ахылҵит мраҭашәаратә ҳәынҭқаррақәа имҩаҧырго ареалтә политика аасҭа, уи ахыхь рзаанагоит.  Рҭагылазаашьа еилыскаауеит, аха, уи алагьы иубарҭоуп Литва амҩа ииаша ишаныз. Егьырҭ атәылақәагьы ари амҩаа ианылар иаҳа ирзеиҕьхоит», — иҳәеит Литва ахада.