"Гирчи" аҟынтә Қарҭ ахада иҭыԥ ахь акандидатс Иаго Хвичиа дықәдыргылоит
"Гирчи" аҟынтә Қарҭ ахада иҭыԥ ахь акандидатс Иаго Хвичиа дықәдыргылоит

“Гирчи” аҟынтә Қарҭ ахада иҭыԥ ахь акандидатс Иаго Хвичиа дықәдыргылоит.

Аизараҿ акандидат ихьӡ Герман Сабо ирылаиҳәеит. Иажәақәа рыла, Хвичиа икандидатура праимериз аҿы иалхын.

Қарҭтәи Сакребуло алахәылацәа ркандидатцәа роуп Даҭо Ԥанџьикиӡе, Гьаргь Гвенетаӡе, Ека Ониани.

Иаго Хвичиа авице-ахада иҭыԥ ахь акандидатс дықәиргылеит Алеқсандре Рақвиашвили.

Иара убас, Қарҭ ахада иҭыԥ ахь акандидатцәа роуп Каха Калаӡе – “Ақырҭуа гәахәтәы”, Иракли Купраӡе  – “Лело”, “Гахариа Қырҭтәылазы”.