Гиорги Кирҭаӡе "Амилаҭтә ҵысра" Баҭымтәи аиҿкаара ахантәаҩы иҭыԥ аанижьит
Гиорги Кирҭаӡе "Амилаҭтә ҵысра" Баҭымтәи аиҿкаара ахантәаҩы иҭыԥ аанижьит

Гиорги Кирҭаӡе “Амилаҭтә ҵысра” Баҭымтәи аиҿкаара ахантәаҩы иҭыԥ аанижьит.

Кирҭаӡе ишааицҳаз, апартиаҿ даанхоит.

„Ника Мелиа даҵахар, сапынҵақәа шьҭасҵоит ҳәа аҳәамҭа ҟасҵахьеит. Аха апартиаҿ саанхоит, Миха иԥсҭазаара аиқәырхареи автократиатә режим аҭархареи рзы активла ақәԥара насыгӡоит. Иахьа аҭакԥхықәра Леван Хабеишвили идгылаҩцәа ргароуп. Апартиаҿ аиҿагылара иалагоит ҳәа сгәы иаанагом. Иахьа, ахаан ишыҟамыз еиԥш, ҳамчқәа еидаҳкылароуп“,- иҳәеит Гиорги Кирҭаӡе.