Гиги Угулава  - Уаҵәтәи акциа  ала еиҧҟьарада апротест аҟаҵара ҳалагоит  
Гиги Угулава  - Уаҵәтәи акциа  ала еиҧҟьарада апротест аҟаҵара ҳалагоит  

«Амилаҭтә ҵысра» аофис аҿы уаҵәтәи акциа иадҳәалоу  аиҧылара мҩаҧысуеит.    Аиҧылара рхы аладырхәоит аоппозициатә партиақәа рхаҭарнакцәа.

Аиҧылара иалагаанӡа  «Европатәи Қырҭтәыла» алидерцәа иреиу Гиги Угулава ишиҳәаз ала,   уаҵәтәи акциа  — еиҧҟьарада имҩаҧырго апротест алагамҭоуп.

«Ҳара аҵыхәтәантәи адетальқәа ҳрылацәажәарц ҳаизеит. Уаҵәтәи акциа  — еиҧҟьарада имҩаҧааго апротест алагамҭоуп.  Раҧхьа иргыланы,  аполитбаандаҩцәа рхақәиҭтәреи изаамҭаны апарламенттә алхрақәа рымҩаҧгареи ҳаҳәоит,  аха,  апроблема иаҳа иҭбаауп: иахьа Қырҭтәыла асоветизациа инаркны 100 шықәса ҵит,  аха,  атәылаҿы ҧасатәи апроблемақәа аанхеит. Иахьа ҳтәыла  20 наӡына импыҵахаланы иҟоуп. Акьалақәа рацәа ҳаргылоит. Егьырҭ ақалақьқәа рҿгьы апротест иалагоит», — иҳәеит Гиги Угулава.