Гиги Угулава аӡбаҩ аҕьымӡҕ иргаразы аӡбарҭа азал аҟынтә ддәылыргеит
Абҵара 7 аус азы ахара зду Гиги Угулава Қарҭ ақалақьтә аӡбарҭа азал аҟынтә ддәылыргеит.
Уаанӡа аӡбарҭа азал аҿы аимак рыбжьалеит, Гиги Угулава аилатәарашҟа Михаил Саакашвили инагара даҳәеит.
«Иҟашәҵо закәызеи? Шәара Аконституциа шәақәыҕьцәеит», — иҳәеит Угулава аӡбаҩ иахь ихы рханы.
Аӡбаҩ Угулава аӡбара аҕьымӡҕ аиргеит ҳәа иҳәан, азинхьчаҩцәа Угулава ддәылыргарц рыдиҵеит.