Германтәылатәи Афедеративтә республикаҿ Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вахтанг Гомелаури ивизит ихыркәшеит.
Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны Вахтанг Гомелаури Германтәылатәи Афедеративтә республика Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Ненси Фезер дылԥылеит.
Аиԥылараҿ аганқәа азинхьчаратә хырхарҭала аусеицура азҵаарақәеи наҟ-наҟтәи аперспективақәеи ирыхәаԥшит.
Германтәылатәи аган аинформациа ала, Қырҭтәыла евроеидгылаҟны ареадмиссиа иазкә аиқәшаҳаҭра аимплементациа иманшәаланы нанагӡоит, ахәшьара бзиа аҭан Евроиедгылаҟны авизадатә режим иаҭакны Қырҭтәыла имҩаԥнаго ауснагӡатәқәеи ареформақәеи. Аиԥылараҿ германтәылатәи аган Германтәылаҿ илегал аусурҭала аиқәыршәара азҵаара аус адызуло ҩганкалатәи аусуратә гәыԥқәа раԥҵра аԥшьгарала иқәгылеит.
Аофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны Қырҭтәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Германтәылатәи Афедеративтә республика акримминалтә маҵзура ахада Ҳолгер Миунх диԥылеит.