Германтәыла аканцлер иӡбарала, урыстәылатәи агазмҩангага "Северный поток – 2" алицензиа аанкылоуп
Германтәыла аканцлер иӡбарала, урыстәылатәи агазмҩангага "Северный поток – 2" алицензиа аанкылоуп

Германтәыла аканцлер иӡбарала, урыстәылатәи агазмҩангага “Северный поток – 2” алицензиа аанкылоуп.

Олаф Шольц иҟаиҵаз аҳәамҭала, Украина иҟоу аҭагылазаашьа иазыԥхьагәаҭаны, урыстәылатәи агазмҩангага “Северный поток – 2” апроект ԥхьаҟа изцом. Аканцлер иажәақәа рыла, алицензиа аанкылоуп.

Олаф Шольц ишазгәеиҭаз ала, “Украина ахада пату иқәҵатәуп, уи урыстәылатәи апровокациақәа дырҿагылоит, избан акәзар Урыстәыла ахада Украина зегьы ампыҵахаларазы амзыз аԥшаара даҿуп.”